https://sputnik-abkhazia.info/20221008/rymti-atsay-anyara-aankyloup-amashyna-du-amtsa-akhakyz-iakhany-1041960742.html
Ҟрымтәи ацҳаҿы аныҟәара аанкылоуп амашьына ду амца ахьакыз иахҟьаны
Ҟрымтәи ацҳаҿы аныҟәара аанкылоуп амашьына ду амца ахьакыз иахҟьаны
Sputnik Аҧсны
Автомашьынамҩеи аихамҩеи рҿы аныҟәара аанкылоуп. 08.10.2022, Sputnik Аҧсны
2022-10-08T10:15+0300
2022-10-08T10:15+0300
2022-10-08T11:11+0300
ажәабжьқәа
ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103013/54/1030135471_0:132:3175:1917_1920x0_80_0_0_7be637f0bd5cb646e8e86ced9d7d217a.jpg
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҿы аныҟәара аанкылоуп амашәыр ахьыҟалаз азы - адәыӷба ашьҭахь иацраҳәаз абылтәы зҭаз ацистерна амца ахьакыз иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Афедералтә ҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Ҟрымтәи аихамҩа" адыррақәа шьаҭас иганы."Авариа аԥыхразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Ахҭыс зыхҟьаз амзызқәа ҭырҵаауеит", - рҳәеит анаплакы апресс-маҵзураҿы.Звагонқәа рыхәҭак амца зкыз алокомотив Керчҟа ииаган. Иҟоу адыррақәа рыла, аӡәгьы ԥырхага имоуӡеит.Иҟалаз аҭагылазаашьа ҷыда Керчтәи аӡыбжьахалаҿы аӷбақәа рныҟәара иаԥырхагамхаӡеит. Уи адагьы, паромла аӡы арра еиҿыркаауеит.Ҟрымтәи ацҳа автомҩатә хәҭа аргылара хыркәшан лаҵара 15 2018 шықәса рзы. Уи шьақәгылоуп ԥшь-цәаҳәак змоу амҩадуи ҩ-цәаҳәак змоу аихамҩеи рыла. Ари Урыстәыла зегь реиҳа иауу цҳауп, уи аура 19 километра иҟоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103013/54/1030135471_221:0:2952:2048_1920x0_80_0_0_6ad70142b57f57e2694eb6936cb76cd2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ахҭысқәа
Ҟрымтәи ацҳаҿы аныҟәара аанкылоуп амашьына ду амца ахьакыз иахҟьаны
10:15 08.10.2022 (ирҿыцуп: 11:11 08.10.2022) Автомашьынамҩеи аихамҩеи рҿы аныҟәара аанкылоуп.
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҿы аныҟәара аанкылоуп амашәыр ахьыҟалаз азы - адәыӷба ашьҭахь иацраҳәаз абылтәы зҭаз ацистерна амца ахьакыз иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Афедералтә ҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Ҟрымтәи аихамҩа" адыррақәа шьаҭас иганы.
"Авариа аԥыхразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Ахҭыс зыхҟьаз амзызқәа ҭырҵаауеит", - рҳәеит анаплакы апресс-маҵзураҿы.
Звагонқәа рыхәҭак амца зкыз алокомотив Керчҟа ииаган. Иҟоу адыррақәа рыла, аӡәгьы ԥырхага имоуӡеит.
Иҟалаз аҭагылазаашьа ҷыда Керчтәи аӡыбжьахалаҿы аӷбақәа рныҟәара иаԥырхагамхаӡеит. Уи адагьы, паромла аӡы арра еиҿыркаауеит.
Ҟрымтәи ацҳа автомҩатә хәҭа аргылара хыркәшан лаҵара 15 2018 шықәса рзы. Уи шьақәгылоуп ԥшь-цәаҳәак змоу амҩадуи ҩ-цәаҳәак змоу аихамҩеи рыла. Ари Урыстәыла зегь реиҳа иауу цҳауп, уи аура 19 километра иҟоуп.