АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҿы аныҟәара аанкылоуп амашәыр ахьыҟалаз азы - адәыӷба ашьҭахь иацраҳәаз абылтәы зҭаз ацистерна амца ахьакыз иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Афедералтә ҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Ҟрымтәи аихамҩа" адыррақәа шьаҭас иганы.
"Авариа аԥыхразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Ахҭыс зыхҟьаз амзызқәа ҭырҵаауеит", - рҳәеит анаплакы апресс-маҵзураҿы.
Звагонқәа рыхәҭак амца зкыз алокомотив Керчҟа ииаган. Иҟоу адыррақәа рыла, аӡәгьы ԥырхага имоуӡеит.
Иҟалаз аҭагылазаашьа ҷыда Керчтәи аӡыбжьахалаҿы аӷбақәа рныҟәара иаԥырхагамхаӡеит. Уи адагьы, паромла аӡы арра еиҿыркаауеит.
Ҟрымтәи ацҳа автомҩатә хәҭа аргылара хыркәшан лаҵара 15 2018 шықәса рзы. Уи шьақәгылоуп ԥшь-цәаҳәак змоу амҩадуи ҩ-цәаҳәак змоу аихамҩеи рыла. Ари Урыстәыла зегь реиҳа иауу цҳауп, уи аура 19 километра иҟоуп.