Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит Ҟрымҟа ицо ацҳаҿы иҟалаз аԥжәаразы

Аԥжәара иахҟьаны амца ркит абылтәы зҭаҭәаз ацистернақәа быжьба, автомашьынамҩа ахәҭақәак ԥҽын, аӡы иалаҳаит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит Ҟрымтәи ацҳаҟны автомашьына ахьԥжәаз инамаданы, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа аофициалтә Telegram-канал.
Аҭыԥ ахь инеит Ашьаусԥшааратә еилакы Акриминалистикатә ҟәша аусбарҭа хада аҟазауаа, дара ишьақәдыргылоит иҟалаз шыҟалаз, ацәгьоура иадҳәалоу ахаҿқәа.
Аиҿкаара "Ҳара Урыстәыла ҳадгылоуп" ахантәаҩы Владимир Рогов иажәақәа рыла, автомашьына ԥызжәаз киевтәи амчрақәа роуп, абри азы аӡбамҭа рыдыркылеит Украина ахада иофис, УШәМ, Атәылахьчара аминистрра аԥшыхәратә ҟәша рҟны.
Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков адырра ҟаиҵеит ахада иҟалаз ахҭыс инамаданы аԥыза-министр Михаил Мишустини, уи ихаҭыԥуаҩ Марат Хуснуллини, АҶА, Атранспорт аминистрра рхадацәеи, амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи ашәҟәқәа азырхианы ишизаарышьҭхьоу.
Ҟрымтәи ацҳаҿы аныҟәара аанкылоуп амашьына ду амца ахьакыз иахҟьаны
Жьҭаара 8 асааҭ 06:07 рзы Ҟрымтәи ацҳа автомобилтә хәҭаҿы Тамантәи адгьылбжьахала аганахьала иԥжәан аидарамҩангага машьына, уи иахҟьаны амца ркит уи иаҩсны Ҟрымтәи адгьылбжьахахь зхы рханы ицоз адәыӷба иацраҳәаз абылтәы цистернақәа быжьба. Автомашьынамҩеи аихамҩеи рҿы аныҟәарақәа аанкылоуп.
Ҟрым аиҳабыра иҟарҵаз адырала, паромла аӡы арра аиҿкаара иаҿуп, уи иахьа аусура иаладыргоит. Иара убас Краснодартәи атәылаҿацәа аҿы еиҿыркаауеит адгьылбжьахалахь изымцо арныҟәцаҩцәа рзы ааҭгыларҭақәа.
Ҟрымтәи ацҳаҿы амцакра зыхҟьаз еилкаахеит