1200 автомашьына рҟынӡа рыдыркылеит Ҟрымтәи ацҳа ааигәара еиҿкаау ааҭгыларҭаҿы

Ааҭгыларҭақәа еиҿкаауп абаӷәаза "Кавказ" аҿы, Тамани аҳабла Ильичи рҿы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. 1200 автомашьына рҟынӡа рыдыркылеит Ҟрымтәи ацҳа ааигәара еиҿкаау ааҭгыларҭаҿы, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аоперштаб.
Абаӷәаза "Кавказ" азааигәара еиҿкаау ааҭгыларҭаҿы ирыдыркылеит 800 автомашьына, аҳабла Ильич аҿы - 400, Тамань аҿгьы 400.
Атранспорт аминистрра: Ҟрымтәи ацҳаҿы адәыӷбақәа абжьааԥнеиԥш иныҟәоит
Ацҳа ақәсразы агәаран иқәгылоу амашьынарныҟәцаҩцәа рзы еиҿкаауп рҽахьдырԥхаша аҭыԥқәа, адәынтәи акрыфарҭа, аӡи афатә ԥхеи рырҭоит. Аҭыԥ аҿы иҷаԥшьоит ацхыраара ласы аусзуҩцәа, аказакцәа, аволонтиорцәа.
Уаанӡа Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Ҟрымтәи ацҳаҿы иҟалаз аԥжәара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы иаԥҵоу акомиссиа ахантәаҩы Марат Хуснуллин адҵа ҟаиҵеит шьыжьынӡа иахәҭоу зегьы ҟарҵарц амашьына ласқәеи автобусқәа ҩ-цәаҳәак рыла аныҟәара иалагарц азы. Уажәазы амашьынақәа ныҟәоит цәаҳәак аҿы реверс аҳасабала.
Ҟрым аԥсшьаҩцәа рзы аҭел ҷыда аусура иаладыргеит
Иацы ашьыжь Ҟрымтәи ацҳаҿы аидарамҩангага машьына ԥжәеит, уи иахҟьаны амца рыцралеит ааигәа имҩасуаз адәыӷба иацраҳәаз абылтәы зҭаҭәаз ацистернақәа, еилаҳаит автомашьынатә мҩа ахәҭақәа. Аԥжәараан иҭахеит хҩык ауааԥсыра.
Аӷбақәа ахьыҵсуаз ацҳа ахәҭа ԥхасҭамхаӡеит. Аидарамҩангарақәеи апассаџьырмҩангарақәеи реиҿкаараҿы апаром рхы иадырхәалоит. Актәи аидарамҩангаратә дәыӷба Ҟрымынтәи идәықәлеит асааҭ 01:52 рзы, уи абаӷәаза Кавказ ахь инанагеит 16 еидарамҩангаратә автомобили 25-ҩык апассаџьырцәеи. Иахатәи аҵх иалагӡаны апаром х-реиск ҟанаҵеит.
Путин инапы аҵаиҩит Керчтәи аӡыбжьахалаҿы ашәарҭадара арӷәӷәаразы аусԥҟа