Аԥсны ашьхақәа рыдгьылҵакырақәа дуум, аха шәарахла ибеиоуп, урҭ рыхкқәа наӡоит 60 рҟынӡа иҳәеит аиҿцәажәараҿы Ҷыҭанаа.
Ауаҩы аԥсабара иаиҭо аԥырхага атәы далацәажәо, иазгәеиҭеит, иахьа ҳашьхақәа рҿы зынӡаск ишуԥымло адомбеи.
"Ауаҩы аԥсабара иагәылаларала ашәарах ԥырхага аиҭоит. Ауаҩы аԥсабарахь инеира агәҭынчымра рызцәырнагоит ашәарах, анаҩс рҭыԥ иахыҵуеит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аԥсны иҟоу аҳәырԥсаррақәа ртәы далацәажәо Ҷыҭанаа иҳәеит, иахьа иҟоу Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи, Кәыдрытәи амилаҭтә парк, иара убас Риҵатәи, инаҷыданы Тҟәарчал абнатә ҵакыреи ашьхатә ҵакыреи зҵазкуа амилаҭтә парк аԥҵаразы ашәҟәқәа реизгара ишаҿу.
"Ауаҩы илиршароуп аҳәырԥсаррақәа рыхьчара. Ашәарыцара мап ацәкра зынӡагьы изалыршахом, аха ишаԥу еиԥш ашәарыцаразы иҟоуп аҭыԥқәа, амилаҭтә паркқәа рынҭыҵ", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.