Аамҭа ццакыццакуа имҩасуеит, рҽеиҭнырыԥсахлоит амшқәа, аҵхқәа, ашықәс аамҭақәа. Ааԥынроуп ҳәа амрахәага хаа уҽаҭа ушгылоу, иузгәамҭаӡакәа ҭагалантәи абыӷь ҩеижьра унылагылоит.
Ашықәс аамҭақәа рҽеиҭныԥсахлара, жәаҳәарада, ауаҩы игәабзиарагьы ианыруеит, еиҳарак ҭагалани аӡыни, аҳауа аҿыхьшәашәара анаҿалалак. Усҟан ауаҩы ахьҭалалара, ахәда хьаа, амцашоура даргәамҵуеит.
Агәабзиара зегьы иагьырхуп, иагьырҵыхәоуп. Аҵшәаара мариаӡоуп, ашьақәыргылара ус имариам, убри азы иахьынӡазалшо ахацклаԥшра аҭахуп. Амала, уажәы ԥарала уеиқәшәазар, иаауҭаху ахәшә ахәшәҭиирҭаҿы аахәара аҭагылазаашьа ыҟоуп.
Ҳаамҭазтәи амедицина иадҵаало шырацәоу еиԥш имаҷҩым жәлар рмедицинагьы иазхьаԥшуа, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо еизҳауа хәарҭара злоу аҵиаақәеи аҳаскьынқәеи рыгәра зго шыҟоу.
Ажәакала, досу игьама, мамзаргьы иџьыба иақәшәо зеиԥшроу еиԥш дазнеиуеит ари азҵаара.
Жәлар рмедицина, даҽакала аԥсуа хәшәқәа уанрылацәажәо иҳәатәуп урҭ хкы-хкыла ишшоу. Уажәы срыхцәажәарц сҭахуп зегь реиҳа имариоу, уааилахар, аҩны иумоу амарҭхәқәа рыла иҟауҵаша аԥсуа хәшәқәа.
Ахьҭалалареи амцашоуреи рыхәшәқәа
Ауаҩы ахьҭа анилалак, имцашоура анхалалак иҟарҵоз аԥсуа хәшәқәа иреиуан:
Аџыши ауадкеи еиҵарԥхьаны ачымазаҩ ицәеижь иахьыршьуан.
Аџьмашша (ма амшә ашша) рҭәаны ахьҭа злалаз игәышԥы, ибӷа, ишьапқәа рыҵақәа ирхьыршьуан.
Ҩба-хԥа цыра аџыш рссаны акы иҭарыԥсон, ахыхь ахш ца ахарҭәон, маҷк ус иаанрыжьуан, нас уахынла ачымазаҩ данышьҭалоз идыржәуан.
Ацхеи ауадкеи еиҟараны еиларҭәон, анаҩс агәабзиаразы мышкы ахь хынтә мҳаҵәк-мҳаҵәк лбаардон.
Ауаҩы ахьҭа аилцаразы ахәыл ацха ахьшьны игәышԥы иадырҵон.
Апырпыл ца хыхны ауадкеи иареи еиҵадырԥхьон, ԥыҭрак ашьҭахь уи аиҵарԥхьа ичмазаҩхаз игәышԥы, ибӷа, ишьапсыргәыҵақәа ирхьыршьуан.
Ахьҭалалареи аимҳәеи ирыхәшәны аԥсуаа ахәац адацқәеи ирссаны ихыху аџыши ауадкаҿы еиҵадырԥхьон. Убри аиҵарԥхьала ачымазаҩ ицәа-ижьы хәаны (азгә. массируя) ихьыршьуан.
Ауаҩы ахьҭа илаланы имцашоура ашьҭыҵра ианалагалак, дырхәышәтәразы аҷыркәа ԥҟаны, ирссаны ачымазаҩ илахь иақәырҵон.
Амцашоура аларҟәраҿы ихәарҭа дун ажь зҿалоз аӡахәа абыӷьқәа. Урҭ ачымазаҩ ибӷа, илахь, игәышԥы иақәырҵон. Иахьадырҵаз аҭыԥқәа аласа касала иҿарҳәон.
Ашоура артәаразы ҳажәлар рҿы ахархәара ҭбаа амоуп, хымԥада иахьагьы иуԥылоит - абжьеи (азгә. аҩы ҵәыҵәы). Цахак абжьеи инӡаашьны зымцашоура ҳаракхаз ихы, ишьапқәа ирықәырҵоит, иҟәаҟәа иахьыршьуеит. Амцашоура лаҟәаанӡа ацаха бацыԥхьаӡа еиҭарҿыцлатәуп.
Ауаҩы ишоура ҳаракны арыхьҭашьра даналагалак, ахьҭа илнацоит, ишоура артәоит ҳәа аҩы ршны идыржәуан.
∕Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара аҭан С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика"∕.