Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Хыхь-гәыхь умоуа": ауаҩы дызхәышәтәуа ҵиаақәак рыӡбахә

© Sputnik / Томас ТхайцукПогода
Погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Анапаҵаҩра
Ауаҩы изы хәарҭара злоу ҵиаақәак рыӡбахә Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Ҳаԥсадгьыл шәаԥыџьаԥла иҭалаҳауп, ҵиаала иқәҵоуп. Ауаҩы хыхьк-гәыхьк имоуа дҟаларазы, игәабзиара ахаҭабзиара аҳаракразы аҵиаақәа рлагала рацәоуп.
Ахәшәтәраҿы хәарҭара злаз аҵиаақәа реиҩдырааразы хьыӡла ишьақәдырӷәӷәон, хьӡык-хьӡык рырҭон. Уи ус шакәу агәра удыргоит дара аҵиаақәа рыхьӡ чымазарак, ма хәышәтәрак иахьадҳәалоу: ԥшьҩеишьцәа згаз, ашьаптахь ахәшә уҳәа убас иҵегьы.
Ԥшьҩеишьцәа згаз
Ԥшьҩеишьцәа згаз (урысшәала иуҳәозар, "аконит восточный") кыршықәсала изызҳауа ҵиаахкуп. Ашәҭқәа рацәаны еидгәыԥланы иааҿыкәыршаны иҿоуп, агәыцә аура ҩ-метрак рҟынӡа инаӡоит. Иахьуԥыло ашьхабнарақәеи, адәыбнақәеи, иҳараку ашьха цәҳәырақәеи рҿоуп.
© Foto / Богдан Крыжатюк Ԥшьҩеишьцәа згаз - Аконит восточный
Аконит восточный - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Ԥшьҩеишьцәа згаз - Аконит восточный
Аҵиаа ахьӡ аауеит аԥсуа жәлар рлегендак аҟнытә.
Ҽнак ԥшьҩык аишьцәа шәарыцара еиццеит. Икараханы, шьыбжьхьафара ҳәа иахьынатәаз, рыфатәқәа аацәырганы уи абыӷьқәа инарықәырҵеит. Абыӷьқәа рҟынтә рыфатә иалалаз ашҳам аишьцәа агеит. Убрижьҭеи ари аҵиаа "ԥшьҩеишьцәа згаз" ахьӡхалеит.
Изларҳәо ала, ари аҵиаа ахәҭақәа зегьы шҳамуп, акьыба чымазара ахәышәтәразы ахархәара амоуп, убасгьы аџьыка чымазареи ахьаахҽреи рҿы ихәарҭоуп.
Ашьаптахь ахәшә
Ашьаптахь ахәшә (урысшәала "живучка ползучая") ҳәа захьӡу аҵиаа уԥылоит адәҳәыԥшқәа рҿеиԥш, абнақәеи абнаҿықәқәеи рҿгьы, аха еиҳаракгьы адгьыл ацәаакыра ахьаҵоу иеизҳарҭоуп. Аԥсуа жәлар ари аҵиаа рхы иадырхәоит ахьҭа алалара иарҿио ахыхь ахәшәтәраҿы.
© Foto / Тамара Риб Ашьаптахь ахәшә - Живучка ползучая
Живучка ползучая - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Ашьаптахь ахәшә - Живучка ползучая
Убасгьы ажәлар рҿы ашьаптахь (урысшәала "мигрень") ҳәа ирдыруа ачымазара акыр ауаҩы даргәамҵуеит. Аҵарауаҩ Шьаликәа Камкьиа ианҵамҭақәа руак аҿы иҩуан жәытәла ари ачымазара шырхәышәтәуаз.
Ашәч
Аҵиаақәа рхархәарала ауаа рчымазарақәа ирылзыргоз ахәшәтәыҩцәа рхы иадырхәон ашәч (урысшәала "плющ") абыӷьқәа. Ахәшәтәҩы ашәч абыӷьқәа быжьба аашьҭыхны, ачымазаҩ аӡиас ма аӡыхь ашҟа дигон. Уа абыӷьқәа руак аӡы иааӡаашьны ачымазаҩ иахьихьуа аҭыԥ иадиҵоит. Анаҩс, уи ашәч бӷьы ахыхь ахаҳә ҟьаԥс надкылан даҽа хаҳә хәыҷык ала длас-ҩасуан абарҭ ажәақәа ҳәауа:
"Быжь-шьхак урхысуеит, быжь-гәарак рыҵа укылсуеит,
Шоу-шамра умамкәа, напы-нашьха укыдысшьылт".
Ахәышәтәҩы аӡы ахықә аҿы ари аритуал мҩаԥигоит иааигаз ашәч абыӷьқәа зегьы ихы иаирхәаанӡа.
© Sputnik / Константин МихальчевскийАшәч - Плющ
Плющ на скале у водопада Су-Учхан в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Ашәч - Плющ
Аџьаҟәа
Аџьаҟәа – ҳаԥсадгьыл аҿы изызҳауа ҵиаахкуп. Аҳаракыра ҭыԥқәа бзиа иабоит. Аԥсуаа ари аҵиаа адацқәа рхы иадырхәон агәы иадҳәалоу ачымазарақәа рыхәшәтәраҿы.
Аџьаҟәа (урыс бызшәала "морозник абхазский") абӷьы ҿыхны, бзиа иӡәӡәаны, чысмаҭәак иҭаҵаны хаа-хаа иржәуан, иаҵырхуаз аӡы ала абҷы зыхьуаз ахәыҷы даларкәабон, убас ихәыӡҳәозгьы.
Ҽаҩраҭагалан, ажәла анкаԥсалак ашьҭахь, адацқәа ыҵыхны иӡәӡәаны, ирԥшшаны ирҵәахуан.
© Foto / Михаил ЛучкинАџьаҟәа - Морозник абхазский
Морозник абхазский - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Аџьаҟәа - Морозник абхазский
Ажәабжьқәа зегьы
0