АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара 2022 шықәса жьҭаарамзатәи аамҭеихша еиқәнаршәеит.
Ашәарақәа жьҭаара 17 инаркны иҟалоит.
Атәанчахәыҭара аамҭеихшара инақәыршәаны жьҭаара 17, 18, 19, 20 рзы атәанчахәы роуеит 1950 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа.
1951-1956 шықәсқәа рзы ииз – жьҭаара 21, 24, 25, 26 рзы.
Жьҭаара 27 инаркны атәанчахәы рыҭахоит 1957 шықәса инаркны ииз атәылауаа.
Атәанчахәқәа рырҭоит Аԥсны Аҵәахбанк аҟәшақәа зегьы рҟны атәанчаҩцәа ахьҭаҩу ма фактла иахьынхо иахьмырԥшкәа.