Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра: Украина аҵакыраҿ аракетатә жәылара ахықәкы нагӡоуп

Урыстәыла ахада Владимир Путин Ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәа алархәны аоперативтә еилацәажәара мҩаԥигеит, уа аҳәамҭа ҟаиҵеит жьҭаара 10 рзы икылкаан ихысуа абџьар ала украинатәи аинфраструктура аобиектқәа жәпала ааха шрыҭоу азы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 – Sputnik. Украина аҵакыраҿ имҩаԥгаз аракетатә жәылара ахықәкы нагӡоуп рҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны.
"Иахьа Урыстәыла арбџьармчқәа ахара икылкааны ихысуа абџьар ала Украина арратә усбарҭатә системақәа, аимадарақәа, аенергетика робиектқәа ааха рыҭан. Ажәылара ахықәкы нагӡоуп", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Иара убасгьы иазгәаҭан Урыстәыла арбџьармчқәа Николаево-Криворогтәи ахырхаҭаҿы х-баталионк украинатә ар ргәыԥқәеи қьырала аибашьцәеи ржәылара шхьарцаз. Иҭархоуп 60-ҩык аибашьцәа, 9 танкк, 16 кәылӡмашьына, 17 автомашьына.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит украинатәи аинфраструктуратә ргыларақәа ааха шрыҭоу