АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Егры аӡиас аҩаӡара ахьышьҭыҵуа иахҟьаны аԥсабаратә рыцҳарақәа ҟалар алшоит ҳәа адырра ҟанаҵоит Гал араион ахадара.
Араион анхацәа ргәы рҽанырҵеит Егры аӡиаси уи иалало амахәҭақәеи рааигәара аҟазаара шшәарҭоу, уи иахҟьаны адгьыл ҳәазар ма ибгар ахьалшо азы.
Араион ахадара ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵеит ақыҭанхамҩатә усурақәа ирыламгарц, арахә гәаррымцарц, аӡиас аҩаӡара лаҟәаанӡа.
Аӡхыҵрақәа ҟалеит ҳәа адырра ҟарҵоит Тҟәарчал, Очамчыра, Гал араионқәа рҟынтәи.
Аԥсны АҶА аҿы ишырҳәо ала, ақәаршыҩқәа рымшала Очамчыра араион иаҵанакуа ареспубликатә мҩаду аӡы ахыҵәеит.