АҞӘА, жьҭаара 10 – Sputnik. Очамчыра араион аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥырырхуеит рҳәеит Аԥсны АҶА аҿы.
Аԥшацәгьа иахҟьаны Кындыӷ ақыҭатәи абжьаратә школ ахыб аԥхасҭа аҭоуп. Араду ақыҭаҿы ихыҵыз аӡиас Мықә иаԥныз аҵакырақәа аӡы рықәлеит. Ақыҭа ауаҩԥсык имашьына аԥхасҭа аиуит. Аусурақәа ԥымкрада имҩаԥысуеит.