АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит жьҭаара 10 рзы икылкаан ихысуа абџьар ала украинатәи аинфраструктуратә ргыларақәа хыԥхьаӡара рацәала ааха шрырҭаз.
Путин иазгәеиҭеит Киев атеррорист гәыԥқәа ирываҟәыло ахы шаанарԥшыз, киевтәи арежим ацәгьоурақәа рҭак ҟамҵакәа ааныжьра шзалымшо.
"Киевтәи арежим акырҵуеит атеррористтә методқәа ахы ианархәоижьҭеи. Ари ауаажәларратә усзуҩцәа, ажурналистцәа, аҵарауаа рышьроуп. Украина аиԥш Урыстәылагьы", - иҳәеит Путин аилацәажәараҟны.
Иара иазгәеиҭеит атерактқәа ирҟәамҵыр, Москва аҭак ӷәӷәа шыҟанаҵо.
Уи адагьы далацәажәеит Ҟрымтәи ацҳаҿы аҭыԥ змаз ахҭыс шҭырҵаауа, уи терактуп ҳәа ахиҳәааит.
"Акриминалисттә експертизақәа, аоперативтә информациа иаадырԥшуеит жьҭаара 8 рызтәи ацҳа аԥжәара атеррористтә актны ишыҟоу, аграждантә инфраструктура аахаҭара ишазырхоу. Еилкаауп атеракт аҿаҵаҩцәа, аиҿкааҩцәа, анагӡаҩцәа – украинатәи амаҵзура ҷыдақәа шракәу", - иҳәеит Путин.