Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылеи Белоруссиеи ар ррегионалтә гәыԥ аԥҵара иалацәажәеит

Ашәахьа, жьҭаара 10 рзы Белоруссиа ахада Александр Лукашенко аилацәажәара мҩаԥигеит арратәи амчратәи анапхгаҩцәа алархәны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 – Sputnik. Александр Лукашенко иҳәеит Урыстәылеи Белоруссиеи еицырзеиԥшу ар ррегионалтә гәыԥ шаԥырҵо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Иара иазгәеиҭеит ар ргәыԥ шеиҿкаахо ҩымш рыҩнуҵҟа.

"Сара еснагь исҳәон, ари агәыԥ шьаҭаны иамоу ар, Белоруссиа арбџьармчқәа роуп ҳәа", - иҳәеит Белоруссиа ахада.

Иара иҳәеит НАТОи Европа атәылақәаки Белоруссиа аҿагылара атәгьы ишалацәажәо.
"Сара уаанӡагьы исҳәахьан, урҭ ирхықәку ҳара Урыстәыла ҳадымгыларц шакәу. Уи акәӡам ихадоу. Урҭ ирхықәкы хадоу ҳаргьы аибашьра ҳалагалароуп. Зныкҟьарала Урыстәылеи Белоруссиеи реихәҵәароуп", - иҳәеит Лукашенко.
Путин: Украинатәи ахҭысқәа, ИАР егьырҭ атәылақәа рҿы аимакқәеи шәатәуп-изатәуп
Иара иҳәеит иофициалым аканалқәа рыла Минск агәҽанҵара шарҭаз Украина аҵакыраҟынтә Белоруссиа иажәлар шауа азы. Ахада иазгәеиҭеит Киев адырра шеиҭаз усеиԥш аныҟала Белоруссиа ӷәӷәала аҭак шыҟанаҵо.
Лукашенко иҳәеит Белоруссиа иаҿагылан аҩбатәи афронт аартра шхыдароу, аха апроцесс шдәықәлаз.