Путин: Украинатәи ахҭысқәа, ИАР егьырҭ атәылақәа рҿы аимакқәеи шәатәуп-изатәуп

© Sputnik / Михаил Метцель /POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦеремония подписания договоров о вхождении в РФ ДНР, ЛНР, Запорожской и Херсонской областей состоялась в Кремле
Церемония подписания договоров о вхождении в РФ ДНР, ЛНР, Запорожской и Херсонской областей состоялась в Кремле - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2022
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 7 азы Санкт-Петербург имҩаԥысит ИАР атәылақәа иформалым рсаммит.
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Украина арыцҳаратә хҭысқәа мҩаԥысуеит, ИАР егьырҭ атәылақәа рҟынгьы аимакқәа ахьрыбжьоу ыҟоуп, араҟа иазхәыцтәуп арҭ зегь аҭыԥ ақәҵаразы ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
"Ҳәарада ҳарзааҭгылоит ИАР атәылақәа рҵакырақәа рҿы ашәарҭадара аиҿкаара азҵаарақәагьы. Ииашаҵәҟьаны арыцҳаратә хҭысқәа аҭыԥ ахьрымоу Украина адагьы Асовет еидгыла уаанӡатәи атәылақәа рҵакырақәа рыҿгьы аимак-аиҿак рацәоуп. Ҳәарада урҭ аҭыԥ рықәҵаразы алкаақәа ҟаҵатәуп", - ҳәа иҳәеит Путин Санкт-Петербург имҩаԥысуа ИАР атәылақәа иформалым рсаммит аҿы.
Убри аан Путин иҳәеит ИАР атәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорра аҟазшьа рыманы ишҿио.
ИАР атәылақәа рсаммит уаанӡатәи аиԥылара мҩаԥысит2021 шықәсазы, Петербург. Усҟан Путин иколлегацәа аҩадатәи Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь инеиԥхьеит ԥхынҷкәын 28 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0