Аԥсны

Аимҳәазы алаҵаҟаҵара иалагоит иааиуа амчыбжь азы

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра х-нызқь лаҵа амоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Аимҳәазы алаҵаҟаҵара Аԥсны иалагоит иааиуа амчыбжь азы ҳәа рҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы.
Аминистрра иазышьҭоуп "ВаксигрипТетра" х-нызқь лаҵа.
Алаҵа рзыҟарҵоит адуқәа реиԥш ахәыҷқәагьы араионтә хәшәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада.