АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҟны аидарамҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлеит ԥшьҩык рҟынӡа, урҭ рхыԥхьаӡараҿ дыҟоуп Москватәи аӡбаҩ ҳәа РИА Новости иазеиҭаиҳәеит иҷыдоу амаҵзура ахаҭарнак.
"Ишьақәырӷәӷәоу аинформациала, иҭахаз зегьы ԥшьҩык ыҟоуп Москватәи аӡбаҩ дналаҵаны", - ҳәа иҳәеит амаҵзура аусзуҩ.
Урыстәыла ахада Владимир Путин "гәыҩбарада" Ҟрымтәи ацҳа аԥжәара украинатәи амаҵзура ҷыдақәа иаздырхиаз терактуп ҳәа иҳәеит.
Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, Ҟрымтәи ацҳа адагьы Украина хтеррактк мҩаԥнагеит курсктәи АЕС аганахь ала, иара убас рҽазыршәеит "Турецкий поток" аԥжәара.