Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Ҟрымтәи ацҳа аԥжәараан иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин открыл железнодорожное движение по Крымскому мосту
Президент РФ В. Путин открыл железнодорожное движение по Крымскому мосту - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2022
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 8 асааҭ 06:07 рзы Ҟрымтәи ацҳа автомобилтә хәҭаҿы Тамантәи адгьылбжьахала аганахьала иԥжәан аидарамҩангага машьына, уи иахҟьаны амца ркит уи иаҩсны Ҟрымтәи адгьылбжьахахь зхы рханы ицоз адәыӷба иацраҳәаз абылтәы цистернақәа быжьба.
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҟны аидарамҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлеит ԥшьҩык рҟынӡа, урҭ рхыԥхьаӡараҿ дыҟоуп Москватәи аӡбаҩ ҳәа РИА Новости иазеиҭаиҳәеит иҷыдоу амаҵзура ахаҭарнак.
"Ишьақәырӷәӷәоу аинформациала, иҭахаз зегьы ԥшьҩык ыҟоуп Москватәи аӡбаҩ дналаҵаны", - ҳәа иҳәеит амаҵзура аусзуҩ.
Урыстәыла ахада Владимир Путин "гәыҩбарада" Ҟрымтәи ацҳа аԥжәара украинатәи амаҵзура ҷыдақәа иаздырхиаз терактуп ҳәа иҳәеит.
Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, Ҟрымтәи ацҳа адагьы Украина хтеррактк мҩаԥнагеит курсктәи АЕС аганахь ала, иара убас рҽазыршәеит "Турецкий поток" аԥжәара.
Ажәабжьқәа зегьы
0