Акәылӡтәы маҭәа аԥҵара ахыҭхәыц сызцәырҵижьҭеи акыр шықәса ҵуеит, аԥсуа рхеологцәа рыԥшаамҭақәа рҿы избеит ажәытәан аибашьцәа рцәа-ржьы зларыхьчоз, уи иҷыдоу аӡахышьа аинтерес сызцәырнагеит ҳәа иҳәеит арадиоефир аҿы Џьапуа.
"Идуум аиха ҷыдақәа рахәыцла еидҿаҳәаланы избеит. Ари аҩыза даҽа милаҭк имоума ҳәа санашьҭала, аиԥш аиҿыртәышьа аӡәгьы иҿы ишыҟам збеит. Џьаргьы иуԥыхьашәаӡом. Ари аҩыза анҳау, иҟаҵатәуп сҳәан салагеит. Аҵарауаа, адунеи аҿы ажәытә бџьарла аицлабрқәа мҩаԥызго, ареконструкторцәа уҳәа здыррақәа рацәоу срыдҵаало абри аҩыза амаҭәа аҟаҵара сылсыршеит. Сгьамала аԥштәоуп иалазгалаз. Хархәагас исымаз ажәытәтәи афрескақәа рҿы аибашьцәа рсахьақәа ракәын, аха урҭ убыс иблахкыганы иҟаҵоуп, уи аҩыза исзыҟаҵаҵәҟьомызт. Сара аҟаԥшьи аиаҵәеи аихацқәеи, арахәыц аҩежь ала еидӡахыланы иҟасҵеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.
Аҟаза иҳәеит, аусумҭа аидкылара шықәсыбжак дааҟәымҵӡакәа дшаҿыз. Аинформациа еизго, еибыҭо, нас еимахны еиҭа еибыҭо, хәынтә-ԥшьынтә раҟара еимахны еибысҭеит ишақәнаго иҟасҵаанӡа ҳәа азгәеиҭеит иара. Шьҭа издыруеит, иҟасҵозар мызкгьы садхалаӡом иҳәеит Баҭал Џьапуа аиҿцәажәараҿы.
Аҟаза иажәақәа рыла, жьҭаара 18 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы абџьарҟаҵаҩцәа рхеилак еиҿнакаауа ацәыргақәҵаҿы акәылӡтәы маҭәа ӡыргахоит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.