https://sputnik-abkhazia.info/20221012/apua-asua-ikylty-maa-aiaarazy-khynta-eimykhny-eibyseit-ishakhou-ialaana---1042020309.html
Џьапуа аԥсуа икәылӡтәы маҭәа аиҭаԥҵаразы: хәынтәҟа еимыхны еибысҭеит ишахәҭоу иҟалаанӡа
Џьапуа аԥсуа икәылӡтәы маҭәа аиҭаԥҵаразы: хәынтәҟа еимыхны еибысҭеит ишахәҭоу иҟалаанӡа
Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, ажәытәан аԥсуаа хыхьчагас ирымаз акәылӡтәы маҭәа аԥҵара шилшаз, уи аус иҽшазикыз атәы. 12.10.2022, Sputnik Аҧсны
2022-10-12T19:30+0300
2022-10-12T19:30+0300
2022-10-12T19:30+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0a/0c/1042020155_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_9898ec45cfdb2e919b97a703b38662a6.jpg
Џьапуа аԥсуа икәылӡтәы маҭәа аиҭаԥҵаразы: хәынтәҟа еимыхны еибысҭеит ишахәҭо иҟалаанӡа
Sputnik Аҧсны
Џьапуа аԥсуа икәылӡтәы маҭәа аиҭаԥҵаразы: хәынтәҟа еимыхны еибысҭеит ишахәҭо иҟалаанӡа
Акәылӡтәы маҭәа аԥҵара ахыҭхәыц сызцәырҵижьҭеи акыр шықәса ҵуеит, аԥсуа рхеологцәа рыԥшаамҭақәа рҿы избеит ажәытәан аибашьцәа рцәа-ржьы зларыхьчоз, уи иҷыдоу аӡахышьа аинтерес сызцәырнагеит ҳәа иҳәеит арадиоефир аҿы Џьапуа."Идуум аиха ҷыдақәа рахәыцла еидҿаҳәаланы избеит. Ари аҩыза даҽа милаҭк имоума ҳәа санашьҭала, аиԥш аиҿыртәышьа аӡәгьы иҿы ишыҟам збеит. Џьаргьы иуԥыхьашәаӡом. Ари аҩыза анҳау, иҟаҵатәуп сҳәан салагеит. Аҵарауаа, адунеи аҿы ажәытә бџьарла аицлабрқәа мҩаԥызго, ареконструкторцәа уҳәа здыррақәа рацәоу срыдҵаало абри аҩыза амаҭәа аҟаҵара сылсыршеит. Сгьамала аԥштәоуп иалазгалаз. Хархәагас исымаз ажәытәтәи афрескақәа рҿы аибашьцәа рсахьақәа ракәын, аха урҭ убыс иблахкыганы иҟаҵоуп, уи аҩыза исзыҟаҵаҵәҟьомызт. Сара аҟаԥшьи аиаҵәеи аихацқәеи, арахәыц аҩежь ала еидӡахыланы иҟасҵеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.Аҟаза иҳәеит, аусумҭа аидкылара шықәсыбжак дааҟәымҵӡакәа дшаҿыз. Аинформациа еизго, еибыҭо, нас еимахны еиҭа еибыҭо, хәынтә-ԥшьынтә раҟара еимахны еибысҭеит ишақәнаго иҟасҵаанӡа ҳәа азгәеиҭеит иара. Шьҭа издыруеит, иҟасҵозар мызкгьы садхалаӡом иҳәеит Баҭал Џьапуа аиҿцәажәараҿы.Аҟаза иажәақәа рыла, жьҭаара 18 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы абџьарҟаҵаҩцәа рхеилак еиҿнакаауа ацәыргақәҵаҿы акәылӡтәы маҭәа ӡыргахоит.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0a/0c/1042020155_146:0:2875:2047_1920x0_80_0_0_b0df12b15b63ec8269554b789f87d0a0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Џьапуа аԥсуа икәылӡтәы маҭәа аиҭаԥҵаразы: хәынтәҟа еимыхны еибысҭеит ишахәҭоу иҟалаанӡа
Асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, ажәытәан аԥсуаа хыхьчагас ирымаз акәылӡтәы маҭәа аԥҵара шилшаз, уи аус иҽшазикыз атәы.
Акәылӡтәы маҭәа аԥҵара ахыҭхәыц сызцәырҵижьҭеи акыр шықәса ҵуеит, аԥсуа рхеологцәа рыԥшаамҭақәа рҿы избеит ажәытәан аибашьцәа рцәа-ржьы зларыхьчоз, уи иҷыдоу аӡахышьа аинтерес сызцәырнагеит ҳәа иҳәеит арадиоефир аҿы Џьапуа.
"Идуум аиха ҷыдақәа рахәыцла еидҿаҳәаланы избеит. Ари аҩыза даҽа милаҭк имоума ҳәа санашьҭала, аиԥш аиҿыртәышьа аӡәгьы иҿы ишыҟам збеит. Џьаргьы иуԥыхьашәаӡом. Ари аҩыза анҳау, иҟаҵатәуп сҳәан салагеит. Аҵарауаа, адунеи аҿы ажәытә бџьарла аицлабрқәа мҩаԥызго, ареконструкторцәа уҳәа здыррақәа рацәоу срыдҵаало абри аҩыза амаҭәа аҟаҵара сылсыршеит. Сгьамала аԥштәоуп иалазгалаз. Хархәагас исымаз ажәытәтәи афрескақәа рҿы аибашьцәа рсахьақәа ракәын, аха урҭ убыс иблахкыганы иҟаҵоуп, уи аҩыза исзыҟаҵаҵәҟьомызт. Сара аҟаԥшьи аиаҵәеи аихацқәеи, арахәыц аҩежь ала еидӡахыланы иҟасҵеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.
Аҟаза иҳәеит, аусумҭа аидкылара шықәсыбжак дааҟәымҵӡакәа дшаҿыз. Аинформациа еизго, еибыҭо, нас еимахны еиҭа еибыҭо, хәынтә-ԥшьынтә раҟара еимахны еибысҭеит ишақәнаго иҟасҵаанӡа ҳәа азгәеиҭеит иара. Шьҭа издыруеит, иҟасҵозар мызкгьы садхалаӡом иҳәеит Баҭал Џьапуа аиҿцәажәараҿы.
Аҟаза иажәақәа рыла, жьҭаара 18 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы абџьарҟаҵаҩцәа рхеилак еиҿнакаауа ацәыргақәҵаҿы акәылӡтәы маҭәа ӡыргахоит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.