Чехиа аҳәаа аркхоит урыстәылатәи атуристцәа рзы

Чехиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, есыҽны прагатәи аҳаирбаӷәазала атәыла иаҭаауеит 200-ҩык ианреиҳаны урыстәыла атәылауаа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12– Sputnik. Чехиа урыстәылатәи атуристцәа рзы аҳәаа аныркоит жьҭаара 25 инаркны, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Чехиа адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Иан Липовски шьаҭас дааганы.

"Атуризм, аспорт, мамзаргьы акультура аганахьала урыстәылантәи аӡәгьы даашьҭхаӡом жьҭаара 25 инаркны, аҳәаа аркхоит шенгентәи авиза рымазаргьы", - ҳәа иҳәеит Липовски.

Абри ала Чехиа асиа ханарҭәааит урыстәылатәи атуристцәа рзы зҳәаақәа азаркыз атәылақәа рхыԥхьаӡара. Урҭ рыбжьара иҟоуп Латвиа, Литва, Естониа, Польша, Финлиандиа. Убри аан Чехиа зегь раԥхьа урыстәылауаа авизақәа рыҭара иаҟәыҵыз тәылоуп, уи аусдҵа аҿҳәара иацҵоуп хәажәкыра 2023 шықәсанӡа.
Уаанӡа Асенат алахәылацәа, чехиатәи апарламент хыхьтәи апалата аӡбамҭа рыдыркылахьан, амобилизациа аҽацәыхьчара зҽазызшәо Урыстәыла атәылауаа агуманитартә визақәа шрырымҭо, уи авизақәа рыҭара ашәага-загақәа ишрықәымшәо атәыла ашәарҭара иҭанаргылар шалшо.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Еврокомиссиа урыстәылаа шенгентәи авизақәа рыҭара апроцесс аруадаҩит