Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Еврокомиссиа урыстәылаа шенгентәи авизақәа рыҭара апроцесс аруадаҩит

© Foto / SputnikШенгенская польская виза
Шенгенская польская виза - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2022
Анапаҵаҩра
Абжьгара ҿыцқәа еиҳарак иаларгалеит Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи арратә ҽеизакра ахьрыларҳәаз иахҟьаны атәыла ауааԥсыра рацәаны иалҵуа иахьалагаз азы.
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Еврокомиссиа ицәырнагеит иара иалахәылоу атәылақәа рзы абжьгара ҿыцқәа, урҭ инарықәыршәаны урыстәылаа авизақәа рыҭараан ашәарҭадара агәаҭареи аҳәаахьчаратә гәаҭареи рӷәӷәахоит.
Евроеидгыла абжьгара ҟанаҵоит аамҭакьаҿлатәи авизақәа рыҭарагьы дырџьбарарц. Урҭ рҩызцәа рыҭараан аҳәынҭқаррақәа хҭысцыԥхьаӡа ҷыдала иҭырҵаалароуп, агуманитартә шьаҭа ыҟоу иҟаму.
Оформление и выдача биометрических заграничных паспортов - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2022
Урыстәылаа авизақәа рызымҭо атәылақәа рыӡбахә ҳәоуп
Иазгәаҭоуп авизақәа Урыстәыла анҭыҵ иҟоу урыстәылаа ирырымҭалар шакәу. Уе еиԥш иҟоу арзаҳалқәа Урыстәылатәи Афедерациахь рынхарҭа ҭыԥ аҿы иҟоу аконсулрахь ирышьҭларц рабжьгоуп
Евроеидгыла аҵакырахь шенгентәи авизақәа рыла иалало урыстәылаа 90 мшы еиҳаны уа изаангылом.
Убри аан, урыстәылаа шенгентәи авиза рымазаргьы, Евроеидгылахь алалара ԥкрада ирылшоит ҳәагьы иаанагом.
"Авизатә кодекс ахәҭаҷ 30 инақәыршәаны авиза амазаара иаанагом Шенгентәи азонахь ԥкрада алалара ҟалоит ҳәа. Авиза аԥыхразы/архынҳәразы ашьаҭа аныҟоу, ус еиԥш аӡбамҭа аднакылар алшоит аҳәаахьчаратә маҵзура, уи авиза изҭаз атәыла-алахәыла арбану иахьмырԥшкәа", - ҳәа аанацҳауеит Еврокомиссиа.
Аекспертцәа иазгәарҭоит абжьгара ҿыцқәа рымшала урыстәылаа рдокументқәа, авизақәагьы убрахь иналаҵаны, еиҳа инҭырҳәцааны ишгәарҭало, Европаҟа ицо ареисқәа ианрықәтәо, иара убас Евроеидгыла атәылақәа ианрылало аҳәаахьчаратә гәаҭара ахысраан.
Ажәабжьқәа зегьы
0