Урыстәыла АШәМ Ҟрымтәи ацҳаҿ атеракт еиҿызкааз ихьӡ рҳәеит

Ацҳа аԥжәара иалахәыз 12-ҩык шьақәыргылоуп, ааҩык ааныркылахьеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҿ атеракт амҩаԥгара еиҿкааҩыс дамоуп Украина арратә ԥшыхәра аиҳабы Кирилл Буданов ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла АШәМ аҳәамҭа шьаҭас иганы.
"Ишьақәыргылоуп Ҟрымтәи ацҳаҿ атеракт амҩаԥгара еиҿкааҩыс ишамоу Украина арратә ԥшыхәра аиҳабы Кирилл Буданов, амаҵзура аусзуҩцәа, агентура", - аҳәоит адырраҭараҿы.
22,7 тонна иҟаз артҟәацга аргыларатә плионка аилаҳәара иагәылаҵәахын.
Ацҳахь инеиаанӡа аидарамҩангага машьына Одессантә иқәҵны Болгариа, Қырҭтәыла, Ермантәыла ирылсит. Амҩан изныкымкәа амҩангаратә шәҟәқәа ԥсахын.
Аидара амҩасра дахылаԥшуан украинатәи аԥшыхәра аусзуҩ, уи Иван Иван-иԥа ҳәа ашәҟәқәа ицын. Аус иалахәыз иҩызцәеи иареи аинтернет аҿы иаархәаз авертуалтә, анонимтә хыԥхьаӡара рхы иадырхәон.
Амаҵзура ҷыдақәа иааныркылахьеит атеракт аиҿкаара иалахәыз Урыстәыла атәылауаа хәҩык, Укрианеи Ермантәылеи ртәылауаа хҩык.
Аусҭҵаара мҩаԥысуеит, АШәМ адырра ҟанаҵоит ацәгьоура иалахәу зегьы атәымтәылауаагьы налаҵаны, Урыстәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны аҭакԥхықәра ишақәыршәахо.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Ҟрымтәи ацҳа аԥжәараан иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлеит