Аԥсны

Аԥсны АҶ рминистр аусбарҭа иатәу Ԥсҳәытәи аҟәша аусушьа гәеиҭеит

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа аусутә еилацәажәарақәа рзы Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭа даҭааит жьҭаара 13 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik. Аԥсны АҶ рминистр Лев Кәыҵниа аусбарҭа иатәу Ԥсҳәытәи аҟәша аусушьа гәеиҭеит, абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Кәыҵниеи ақыҭа амцарцәаратә-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы, амаиор Сергеи Зинченкои еиԥылеит.
Аӡынтәи аамҭазы абылтәыҵәахырҭа ахарҭәаара иалацәажәеит.
Аминистр атехника ҷыда аҭагылазаашьеи амцарцәаратә-аиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәа реиқәыршәашьеи гәеиҭеит.
Аԥсны АҶ рминистр иажәақәа рыла, Ԥсҳәы ақыҭа аиқәырхаҩцәа иахәҭоу амаругақәа рыла реиқәыршәара аусбарҭазы ихадаратәуп.