Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ҳтәылаҟны аус зуа Аџьар Ҟаԥшь амиссиа аиҳабы диԥылеит

Жьҭаарамза 13 азы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак (АҞЖәА) ареспубликаҟны амиссиа аиҳабы Родриго де Резендеи еиԥылеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik. Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак ацхыраарала аҿкчымазарақәеи СПИД-и рҿагылареи рыхәшәтәреи азы Ареспубликатә Центр амаругақәа азаахәара атәы иалацәажәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи АҞЖәА ареспубликаҟны амиссиа аиҳабы Родриго де Резендеи реиԥылараан.
"Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак (АҞЖәА) апандемиа аамҭазы ацхыраара ду ҟанаҵеит, уи пату ҳзақәуп", - иҳәеит Быҭәба.
Родриго де Резенде иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраара аҭара есымшагьы ишазыхиоу.