Аԥсны

Бжьаниа аҽеизакратә ҽазыҟаҵара рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит

Жьҭаара 13 рзы Аслан Бжьаниа аҵакырахьчара аштаб аилатәара далахәын.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла ахьчареи ашәарҭадареи алзыршо Арбџьармчқәа аҽеизакратә ҽазыҟаҵара рӷәӷәазарц адҵа риҭеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахадеи азинхьчаҩцәеи арра-политикатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Атәылахьчара аминистрраҟны аҽеизакратә ҽазыҟаҵареи аруаа рматериалтә-техникатә еиқәыршәашьеи ирызкыз ажәахәқәа ирзыӡырҩит.