Аԥсны

Аслан Бжьаниеи Михаил Шургалини амаҵзура ҷыдақәа русура аишьаршәалара иалацәажәеит

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит ҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә еимадара.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аиԥылараҟны ирылацәажәеит ҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә еимадара жәларбжьаратәи амшхәаԥштә аҟны иқәгылоу иактуалтәу азҵаарақәа. Ишьақәырӷәӷәан арратә усхк аҟны иҷыдоу амаҵзурақәа русура аиҿкаара иазку ахықәкы ", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аиԥылара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, АШӘА ахантәаҩы Роберт Киут, уи ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Ахьиба, 7-тәи урыстәылатәи арратә база адҵаҟаҵаҩ аамҭала и.н. Иван Гребенкин, АА иҟоу УА АШӘМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Андреи Кудимов.
Аԥсны
Бжьаниа аҽеизакратә ҽазыҟаҵара рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит