АҞӘА, жьҭаара 14– Sputnik. Беларуссиа Аҳәынҭшәарҭадаратә еилакы аҿы аҳәамҭа ҟарҵеит аконтртеррористтә операциа арежим алагалам ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура БЕЛТА адыррақәа шьаҭас иганы.
"Иахьатәи аамҭазы ареспубликаҿы планла ауснагӡатәқәеи аҽазыҟаҵарақәеи мҩаԥысуеит. Урҭ ирхықәку атерроризм аҿагылароуп, азыҟаҵара ҳаракы амазаароуп", - рҳәеит Аҳәынҭшәарҭадаратә еилакы аҿы.
Беларуссиа аконтртеррористтә операциа арежим рылаҳәоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Владимир Макеи агазеҭ "Известия" аинтервиу аҭо. Макеи иажәақәа рыла, атәыла аҵакыра ахәҭақәак рымпыҵахалара аҟынӡа аҭагылазаашьа ҟалар алшоит ҳәа аинформациа ыҟан.
Польша, Литва, Украина рҿы белоруссиатәи арадикалцәа адиверсиақәа, атерактқәа, ақәгыларақәа рымҩаԥгара ишаздырхио атәы иҳәахьан Беларуссиа ахада Александр Лукашенко.