Аконтртеррористтә операциа арежим рылаҳәоуп Беларуссиа

CC BY 2.0 / Artem Svetlov / TEP60-0428, Minsk stationВид на ночной Минск, Беларусь
Вид на ночной Минск, Беларусь - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2022
Анапаҵаҩра
Аҩаша Беларуссиа ААР апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит аусбарҭа арра-политикатә ҭагылазаашьа аицәахара инадҳәаланы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит ҳәа.
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Аконтртеррористтә операциа арежим рылаҳәоуп Беларуссиа агәыларатә ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи иҟалар зылшо аичырчарақәа инарыдҳәаланы, абри атәы иҳәеит беларуссиатәи ААР ахада "Известия" аинтервиу аҭо.

"Ҳтәыла ахада азинмчратә усбарҭақәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит, аконтртеррористтә операциа арежим рылаҳәоуп. Ииашаҵәҟьаны, аинформациа ыҟан атәыла аҵакыра ахәҭақәак рымпыҵахалара аҟынӡа аҭагылазаашьа ҟалар алшоит ҳәа", - иҳәеит иара.

Беларуссиатәи ААР ахада Макеи иҳәеит иахьа адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ аан аӡәгьы игәрагара шалымшо, уи азы ажәлар ршәарҭадара шеиҿкаатәу.
Уаанӡа атәыла ахада Александр Лукашенко иҳәахьан Польша, Литва, Украина рҿы белоруссиатәи арадикалцәа адиверсиақәа, атерактқәа, ақәгыларақәа рымҩаԥгара ишаздырхио. Аилацәажәараҿы Лукашенко анапынҵа ҟаиҵеит аҭагылазаашьа ахылаԥшрази уи азхьаԥшрази ауснагӡатәқәа аус шрыдулалатәу.
Ситуация на передовой в ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылеи Белоруссиеи ар ррегионалтә гәыԥ аԥҵара иалацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0