Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин Урыстәыла ахәҭакахьалатәи аҽеизакра анхыркәшахо атәы далацәажәеит

Хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра амзызқәа ртәы далацәажәо Владимир Путин иҳәеит аинырратә цәаҳәа 1100 километра ишыҟоу, уи зегь иҟоу амчқәа рыла аанкылара шыуадаҩу.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Урыстәыла аҽеизакратә уснагӡатә ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа ихыркәшахоит, абри атәы иҳәеит Владимир Путин ИАР атәылақәа рхадацәа рсаммит аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны.

"Ахыркәшамҭахь инеиит. Уажәы 300 нызқьҩык рҟынтәи 222 нызқьҩык рҽеизыркхьеит. Сгәанала, ҩымчыбжьҟа рышьҭахь аҽеизакратә уснагӡатәқәа хыркәшахоит", - иҳәеит атәыла ахада.

Путин иҳәеит 33 нызқьҩык арҟәшақәа рахь ишынарышьҭхьо, 16 нызқьҩык рнапынҵақәа рынагӡара ишалагахьо.
Хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра амзызқәа ртәы далацәажәо Владимир Путин иҳәеит аинырратә цәаҳәа 1100 километра ишыҟоу, уи зегь иҟоу амчқәа рыла аанкылара шыуадаҩу.
Аԥсны
Арратә операциа иалахәу рыкредитқәа рыҿҳәара ахыгара шыҟало еилкаахеит