Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

УАМ Белгородтәи аобласт ралахысраан иҟоуп иҭахаз

Украинатәи аруаа аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ирылахысит, урҭ аҭҟәацрагьы иалагеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. УАМ Белгородтәи аобласт ралахысраан иҟоуп иҭахази ахәрақәа заузи ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы.
"Белгородтәи араион аиланхарҭа Октиабрски Украинатәи аруаа ралахысраан аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥжәеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла иҟоуп иҭахаз, ихәу", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Уи адагьы ПВО урыстәылатәи асистемақәа аихамҩа ааигәара украинтәи аракета карыжьит. Афымцацәаҳәақәа рԥыҵәҵәара иахҟьаны адәыӷбақәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп.
Ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит.
Аҳәаа иаԥну Урыстәыла аҵакырақәа изныкымкәа УАМ рылахысхьеит. Аобласт аҵакыраҿы ирылаҳәоуп атеррористтә шәарҭара "аҩеижь" ҩаӡара. Иара аамҭа-аамҭала аҿҳәара иацырҵоит. Аҵыхәтәантәи аҿҳәара жьҭаара 22.