Аԥсны

Гагра араионтә еизарахь алхрақәа мҩаԥысит

Гагратәи алхратә комиссиа Араионтә еизарахь аиҭалхрақәа азгәанаҭеит алхратә ҭыԥқәа №9 (ақыҭа Ԥсахара), №15 (Гагра ақалақь) рҿы ҩыџьа адепутатцәа рзинмчқәа рыҿҳәара ааиаанӡа иахьаанкылахаз иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гагра араионтә еизарахь алхрақәа мҩаԥысит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Гагра араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Беслан Кортаа.
Кортаа иажәақәа рыла, алхрақәа ауаа рааишьала ишьақәгылеит алхырҭатә ҭыԥқәа рыҩбагьы рҿы. Асааҭ 18:00 рызтәи алыррақәа рыла, рыбжьы рҭиит 30 % алхыҩцәа.
“Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡазарц азы иаҭахын 25% иреиҵамкәа абжьқәа. Акандидатцәа рҟынтәи гәынамӡара ҳәа акгьы ыҟамызт", - иҳәеит араион алхратә комиссиа ахантәаҩы.
Заанаҵтәи адыррақәа рыларҳәоит уаҵәы, жьҭаара 16 рзы.
Алхратә ҭыԥ №15 аҿы иқәгылоуп акандидатцәа Ахра Барцыци Саҭбеи Багаҭелиеи, алхратә ҭыԥ № 9 аҿы дықәгылоуп Едуард Ҳаразиа.
Абжьыҭира иалагеит асааҭ 8:00 рзы, ихыркәшан 20:00 рзы асабша жьҭаара 15 рзы.
Аԥсны
Гагра адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылараз аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы иҭагалоуп
Гагратәи алхратә комиссиа Араионтә еизарахь аиҭалхрақәа азгәанаҭеит алхратә ҭыԥқәа №9 (ақыҭа Ԥсахара), №15 (Гагра ақалақь) рҿы ҩыџьа адепутатцәа рзинмчқәа рыҿҳәара ааиаанӡа иахьаанкылахаз иахҟьаны. Ахадараҿы ишазгәарҭаз ала, алхрақәа азгәарҭеит адепутатцәа руаӡәы, Владимир Вардаиа даҽа усурак ахь дахьиасыз азы, даҽаӡәы - адепутат Беслан Ӡаԥшьба иԥсҭазаара дахьалҵыз азы.