Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылараз аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы иҭагалоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Выборы в Народное Собрание Абхазии
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2022
Анапаҵаҩра
Араионтә еизара адепутатрахь акандидатцәа ашәҟәы иҭаргалалоит цәыббра 25 инаркны жьҭаара 5 рҟынӡа.
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Гагра араион алхырҭатә комиссиа ашәҟәы иҭанагалеит аԥшьгаратә гәыԥқәа хԥа Араионтә еизара адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы.
Алхырҭатә ҭыԥ №15 (ақыҭа Ԥсахара) - Ахра Барцыц, Саҭбеи Багаҭелиа.
Алхырҭатә ҭыԥ №9 (Гагра) - Едуард Ҳаразиа.
Гагратәи алхратә комиссиа алхырҭатә ҭыԥқәа №9, №15, (Ԥсахара, Гагра) рҿы жьҭаара 15, 2022 шықәсазы аиҭалхрақәа мҩаԥнагоит.
Араион ахадараҿы иазгәарҭеит алхрақәа уаанӡатәи адепутатцәа ҩыџьа рзинмчра аанкылара инадҳәаланы ишымҩаԥысуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0