Аԥсны

Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруаа ԥхьатәацәа рҽазыҟаҵарақәа бзиоуп ҳәа ахырҳәааит

Аԥсны арратә зхиазаара аиӷьтәразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Ари адҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны Атәылахьчара аминистрра ԥхьатәара иҟоу аԥсуа аруаа планла разыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аԥсуа аруаа ԥхьатәацәа рҽазыҟаҵарақәа бзианы имҩаԥысуеит ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны атәылахьчара аминистр иабжьгаҩ Илиа Гамсаниа.
"Иахьа Атәылахьчара аминистрра планла имҩаԥнагоит аруаа ԥхьатәацәа рҽеизакратә зыҟаҵарақәа. Дара активла рхы аладырхәуеит. Есышықәса рхыԥхьаӡара иацлоит, аҿаргьы азҿлымҳауп. Ҳара иҳамоу алшарақәа ҳасаб рзуны урҭ иахәҭоу аҩаӡарала еиҿаҳкаауеит. Аҽазыҟаҵарақәа иҳаҩсыз ретап бзианы имҩаԥысит уҳәар ауеит", - иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла, аррамаҵура ахыԥша ҳаракуп, "аԥсуа ҿар реиҳараҩык ирҭахны, патугьы ақәҵаны Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы ирхыргоит". Убри аан, аминистр иабжьгаҩ иажәақәа рыла, планла иарбаны ирымоу ахыԥхьаӡара аҟара аҿар шымааиуа, еиҳарак уи зыхҟьо дара ахьычмазаҩу азы.
Убри аан, "Арратә ҭакԥхықәразы" азакәан аҿы ишарбоу ала, аҵара зҵо ма егьырҭ аҭагылазаашьақәа раан альготақәа азԥхьагәаҭоуп, аҿҳәара инахазар ауеит.
“Аамҭа цоит, атәылауаа арратә билеҭ рымамкәа иҟоуп, арра иахымсыцт. Атәылахьчара аминистрраҿы ирыӡбеит арҭ реиԥш иҟоу ауаагьы аҽеизгара рылаҳҳәап ҳәа. Даргьы гәырӷьаҵәа иааиуеит. Аҽеизгарақәа жәамш иаҿуп. Дара арратә хымҩаԥгашьа ддырҵоит, анаҩс арезерв ахь иаларҵоит. Уажәшьҭа ҳара урҭ арратә лшара змоу тәылауааны иҳаԥхьаӡоит", - иҳәеит Гамсаниа.
Аԥсны
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҽеизакратә ҽазыҟаҵара мҩаԥнагеит ахысырҭа "Ҵабал" аҟны
Иара игәаанагарала, иахьатәи аамҭазы аҿар аррахь рымнеира афакторқәа иреиуоуп арра иахымсыц аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы аусура рылзмыршо "Аҳәынҭқарратә маҵзуразы" азакәан ахьыҟам ауп.
“Ари егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рзакәанқәа рҿы иануп. Ари ануп ҳара 10 шықәса раахыс иазырхианы иҳамоу азакәан апроект аҿы, аха уи уажәраанӡа адепутатцәа ирыдрымкылацт. Ари азакәан иахьа ирыдыркылахьазҭгьы, сгәанала, уи аҿар еиҳа аррахь анеира ргәанарԥхон, иахьа амаҵурақәа ирылоу аҿар арра закәу днардыруан”, - иҳәеит иара.
Аԥсны
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса ҵит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥшьаша жьҭаара 13 рзы Арбџьармчқәа адҵа риҭеит атәыла ашәарҭадареи атәылахьчареи зырӷәӷәо арратә ҽеизакразы аҽазыҟаҵарақәа иахәҭоу адгылара рырҭарц.
Уаанӡа аԥыза-министр Александр Анқәаб Аԥсны арратә ҽеизакра ахәшьара аҭареи уи аиӷьтәразы абжьгарақәа разырхиареи ирызку аусутә гәыԥ аԥиҵеит.
Аԥсны
Бжьаниа аҽеизакратә ҽазыҟаҵара рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит