Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина афымцамч аобиектқәа ҩаԥхьа иԥырххааит

Урыстәылатәи аоператив-тактикатәии арратәи авиациа, иара убас аракетатә архәҭақәеи артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла украинатәи анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥеи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хәбеи ықәырхит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа икылкааны ихысуа аракетақәа рыла иреихсит Украина афымцамчтә обиектқәа, абри атәы аанацҳаит Атәылахьчара аминистрра.

"Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа аҳауа иалоу харантәи икылкаан ихысуа абџьар ала ишреихсыц иреихсуан Украина арратә напхгараҭареи афымцамчтә обиектқәеи. Изықәкыз ацәҟьарақәа зегьы ирықәшәеит, иаҭахыз зегьы ықәырхит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Атәылахьчара аминистрраҿы иара убас адырра ҟарҵеит урыстәылатәи аруаа уахыки-ҽнаки рыла Запорожтәи ахырхарҭаҿы ДЖәР аиланхарҭа Нескучное иахьаҵанакуа акрызҵазкуа аҳаракырақәа рнапахьы ишааргаз, ишҭархаз 40-ҩык украинатәи аруаа.