Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Жәаҩык ауаа инареиҳаны иҭахеит Белгородтәи аобласт ахысрадәы аҿы атеракт аан

Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла иалоу атәылақәа руак атәылауаа ҩыџьа ахатәгәаԥхаҩцәа иреихсуа иалагеит, иҭахеит 11-ҩык, ахәрақәа роуит 15-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. 11-ҩык ҭахеит, 15-ҩык ахәрақәа роуит Белгородтәи аобласт аҿы иҟоу Мраҭашәаратәи арратә округ иатәу ахысрадәы аҿы иҟалаз атеракт аан ҳәа адырра ҟанаҵеит РИА Новости, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Жьҭаара жәохә рзы Белгородтәи аобласт аҿы иҟоу Мраҭашәаратәи арратә округ иатәу ахысрадәы аҿы Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла иалоу атәылақәа руак атәылауаа ҩыџьа атеррористтә акт ҟарҵеит", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭоит Украинаҟа арратә операциа ҷыда иалахәхарц азы ирышьҭраны иҟаз ахатәгәаԥхаҩцәа ахысра аҽахьазыҟаҵара ианаҿыз ҩыџьа ауаа урҭ ирылахысуа иалагеит.
Аҭактә хымца аартын, атеррористцәа рыҩџьагьы ҭархан. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аус руеит азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
УАМ Белгородтәи аобласт ралахысраан иҟоуп иҭахаз