Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра: икылкаан ихысуа абџьар ала Украина аенергетика ааха ҿыцқәа аҭоуп

Урыстәылатәи ар уахыки-ҽнаки рыла 39 украинатә арҟәша ааха рнаҭеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа икылкаан ихысуа абџьар ала арратә напхгараҭаратә ҭыԥқәеи аенергетикатә системеи ааха рнаҭеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәылатәи аруаа ахара, икылкаан ихысуа абџьар ала арратә напхгараҭаратә ҭыԥқәеи Украина аенергетикатә системеи ааха рнаҭеит. Иазгәаҭаз ахыбрақәа еилаԥыххауп", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Уи адагьы урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла ДЖәР, ЛЖәР, Харьковтәии Херсонтәии аобластқәа рҿы икарыжьит украинатәи адронқәа жәба. Иара убасгьы иԥжәоуп аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа фба.
Арратә аоперациа иалагазар ааха рыҭоуп: 323 ҳаирплан, 161 вертолиот, 2256 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 30 зенит-ракетатә комплекс, 5855 атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи, 8671 ареактив-систематә машьынақәа, 3484 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа, 6610 ак аибашьыга автомобилтә техника.