Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Белоруссиа атерактқәа аԥырҟәҟәаауп

Иаанкылоу уажәы рҿы рықәшаҳаҭханы ашьаусҭҵаара аус ацура иазыхиоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Белоруссиа атерактқәа аԥырҟәҟәаауп ҳәа адырра ҟанаҵеит аҳәынҭқарратә телеканал "Беларусь 1".
Ателеканал адыррақәа рыла, атерактқәа аззырхиоз ауаа аанкылоуп. Ателеканал ишьақәнарӷәӷәоит атерактқәа аззырхиоз иформалым аиҿкаара BYPOL иадҳәалоуп ҳәа. Аиҿкаара террористтәуп иԥхьаӡоуп ареспубликаҿ. Иара убасгьы дара рыдҳәалоуп атәыла анҭыҵ иҟоу белоруссиатәи аоппозициа.

"Белоруссиатәи азинхьчаҩцәа аоперативтә информациа рымоуп, ҳаӷацәа рыгәҭакқәа рдыруеит, ихиоуп иарбанзаалак ашәарҭарақәа ишрыхәҭоу аҭак рыҭара", - иҳәеит ателеканал аҿы Белоруссиа ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Геннади Казакевич.

Иара иҳәеит азинхьчаҩцәа аоперативтә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа шымҩаԥырго атәыла аҵакыра зегьы аҿы. Казакевич иҳәеит ар аԥшьгамҭа мраҭашәаратәи амаҵзура ҷыдақәа ишрыпроекту, меигӡарахда аԥара шахшәаау.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда инадҳәаланы ари апроект ареспубликаҿ мчыла амчра ахҳәара азԥхьагәанаҭоит. Белоруссиа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа нанҳәамза анҵәамҭаз BYPOL террористтә еиҿкаароуп ҳәа шьақәнарӷәӷәеит.
Аиҿкаара аԥҵоуп 2020 шықәса жьҭаарамзазы Польша аҵакыраҿы. 2021 шықәса лаҵарамзаахыс BYPOL иахықәкны ирылаҳәоуп Ареспублика Беларусь аконституциатә шьақәгылара мчыла аԥсахра.