Аԥсны

Еиҭаҵуа аблагәаҭаратә центр аусура еиҭалагеит Аԥсны

Уажәаԥҳьа аҳақьымцәа Аԥсны ауааԥсыра рыблабара гәарҭахьеит Гал, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа рҿы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аҳақьым Шаталов иитәу Абла аԥҟарамаҷ еиҭаҵуа адиагностикатә центр аҳақьымцәа адкылара еиҭалагеит жьҭаара 17 инаркны.
Аҳақьымцәа апациентцәа рыдыркылалоит Цандрыԥшь, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа.
Адкыларақәа мҩаԥыслоит: асааҭ 9:00 до 17:00: рзы Цандрыԥшь – жьҭаара 17, Гагра – жьҭаара 18-19, Пицунда – жьҭаара 20, Гәдоуҭа – жьҭаара 21- 23.
Аԥсны ауааԥсыра рхаҭара шьақәзыргыло ашәҟәы рымазароуп. Аҟәа ацентр аусура арыцхәқәа ртәы Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵоит.
Аҳақьым Шаталов иитәу Абла аԥҟарамаҷ еиҭаҵуа адиагностикатә центр Аԥсны аусура иалагеит цәыббра 27 рзы, атәыла ахада Аслан Бжьаниа иаԥшьгаралеи Агәабзиарахьчара аминистрра адгыларалеи. Уи аахыс аблаҳақьымцәа Аԥсны 888-ҩык рыблабара гәарҭахьеит Гал, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа рҿы.