Аԥсны

Аслан Бжьаниа Еиск иҟалаз арыцҳара азы Вениамин Кондратиев дидышшылеит

Аҳаирплан Су-34 Еиск иахькаҳаз иахҟьаны 14-ҩык ҭахеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Еиск иҟалаз арыцҳара азы Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев дидышшылеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Гәалсра дула сшәыдышшылоит аҳаирплан Су-34 Еиск иахькаҳаз иахҟьаны аҭынчуааԥсыра рыԥсҭазаара иахьалҵыз. Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи сгәы ишалсыз сызрашәҳәа, ааха зауз зегьы иаарласны ргәабзиара шьақәгыларц рзеиӷьасшьоит", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Ашәахьа ахәылбыҽха Краснодартәи атәылаҿацә Еиск ақалақь аиланхарҭақәа рҟны абжьыццакыра еиҳау аҳаирплан-жәылаҩ Су-34 аҽазыҟаҵараан икаҳаит Аладатәи арратә округ арратә ҳаирбаӷәазаҟынтәи ишьҭыԥрааны аҳаракырахь ианхалоз. Аԥырҩцәа аҳаирплан ааныжьра иахьӡеит.