Аԥсны

Аԥсны аимҳәазы алаҵаҟаҵара иалагеит

Алаҵа ҟарҵоит "Ваксигрипп Тетра" ала, уи хнызқь доза Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ихианы иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18– Sputnik. Аԥсны аимҳәазы алаҵаҟаҵара иалагеит.
Алаҵа "Ваксигрипп Тетра" араионтә хәшәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада аҟаҵара алшоит. Зынӡа ареспубликахь 3000 доза аагоуп.
Алаҵа рзыҟарҵоит адуцәа реиԥш ахәыҷқәагьы.