Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра урыстәылаа 110-ҩык Украинантә ишыхынҳәыз атәы рҳәеит

Аиҭныԥсахлара мҩаԥысит УА ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Татиана Москалькова далахәны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Киевтәи арежим анапаҵаҟа иҟоу аҵакыраҟынтә 110-ҩык урыстәылаа ырхынҳәуп. Урҭ рҟынтәи 2022 шықәса жәабранмзаахыс итҟәаны иҟаз 72 мынуаа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа.
Украинатәи аган иаҭоуп 108-ҩык УАМ аррамаҵзурауаа, аҳәса. Ҩыџьа Украинаҟа ахынҳәра мап ацәыркит.
УА ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Татиана Москалькова аиҭныԥсахлара хаҭала далахәын. Зых иақәиҭтәу урыстәылаа Москваҟа инаргоит. Урҭ уа амедицинатәи апсихологиатәи цхыраара рырҭарц амедусҳәарҭақәа рахь инаргоит.