Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа "Ақыҭанхамҩа арҿиара" апрограмма иазкны

Sputnik
Ҳазҭоу ашықәс азы аусбарҭатә программа "Ақыҭанхамҩа арҿиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны 161 проект нагӡахоит. Иалырхыз апроектқәа зеиԥшла 76 миллиони 700 нызқь мааҭ дыртәои. Урҭ арахәааӡара, аҵиааӡара, ашәыр аршра, аԥсыӡааӡара уҳәа ирзырхоуп.
Уажәаԥхьатәи апрограмма ирзыннажьыз аԥышәа аҩбатәи ахәҭаҟны иабанӡацхыраагӡ, ахырхарҭақәа абанӡарҭбаау, иалахәу ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, убасгьы сынтәа иззыԥшу ацитрус шәырқәа рҽаҩра, аҳәаа рахыгара азҵаараҟны аҳәынҭқарра анхацәа цхыраарас ирнаҭар алшо уҳәа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.