Путин Урыстәыла аҳәаанырцәтә гуманитартә политика Аконцепциа аԥсахрақәа алеигалеит

Урыстәыла ахада иусԥҟа амчра аиуеит анапы анаҵаҩхо арыцхә инаркны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәыла аҳәаанырцә имҩаԥнаго агуманитартә политика Аконцепциа аԥсахрақәа алеигалеит.
Апункт 94 иалгоуп ареферендум ашьҭахь Урыстәыла иаҵакырахаз Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа. Апункт абри аредакциала ишьақәыргылоуп:

"Аԥыжәара змоу усны иаанхоит акультура, аҭҵаарадырра, аҵарадырра, аҿартә политика, аспорт, атуризм русхк аҟны ҩ-ганктәи аусеицура Урыстәылеи ИАР атәылақәеи, Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рыбжьара".

Цәыббра 5 рзы Владимир Путин аҳәаанырцә Урыстәыла агуманитартә политика Аконцепциа ашьақәырӷәӷәараз аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Адокумент аҟны иаҳәоит аԥыжәара змоу усны иаанхоит Урыстәылеи ИАР атәылақәеи, Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рыбжьара аусеицура ҳәа.
Путин Урыстәыла аҳәаанырцә имҩаԥнагало агуманитартә политика аконцепциа шьақәирӷәӷәеит