Путин Урыстәыла аҳәаанырцә имҩаԥнагало агуманитартә политика аконцепциа шьақәирӷәӷәеит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание президиума Госсовета
Президент РФ В. Путин провел заседание президиума Госсовета - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2022
Анапаҵаҩра
Адокумент аҟны урыстәылатәи акультура адунеитә культура иахәҭакуп, аҵак ду амоуп ҳәа азгәаҭоуп.
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәыла аҳәаанырцә имҩаԥнагало агуманитартә политика аконцепциа шьақәирӷәӷәеит. Аусԥҟа кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә портал аҿы.

Адокумент аҿы иарбоуп агуманитартә политика Урыстәыла адәныҟатәи аполитика иузаҟәымыҭхо ишыҟоу, адунеи аҿы Урыстәыла аобиективла аилкааразы, адунеитә ҭоурыхи акультуреи рҿы ароли аҭыԥи реилкааразы.

Аконцепциаҿы иарбоу аусдҵақәа иреиуоуп Аурыс дунеи иатәу, иаҟазшьо – атәылаҿ инхо егьырҭ амилаҭқәа ркультуреи рбызшәеи еиҟараны рыхәаԥшра, аурыс бызшәеи амилаҭ ҵарадырреи ахьчареи аиқәырхареи.
Адокумент аҿы, иара убасгьы, инаҵшьны иазгәаҭоуп аурыс культура ароль, атәыла жәларбжьаратәи ахьыԥшымра арӷәӷәареи аҳәаанырцә ахьӡ- аԥша аиҿкаареи ишрыхәо.
Повседневная жизнь - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла аиҳабыра ЛЖәРи, ДЖәРи, Украинеи рҟынтәи иааз ауаа рзы аԥарашәарақәа ирзыразхеит
Ажәабжьқәа зегьы
0