Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи амчрақәа Херсонтәи аобласт аҿы Киев имҩаԥнагаз ажәылара аԥдырҟәҟәааит

Аҩашаҽны урыстәылатәи арбџьармчқәа Украина аенергетикатә обиектқәеи арратә напхгараҭаратә ҭыԥқәеи ракетала ирылахысит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Урыстәылатәи арбџьармчрақәа Херсонтәи аобласт Брускинское араион аҿы Киев имҩаԥнагаз ажәылара аԥдырҟәҟәааит, иҭархоуп 90-ҩык аруаа, абри атәы аанацҳауеит УА Атәылахьчара аминистрра.
"Николаево-криворожтәи ахырхарҭаҿы УАМ рҽазыршәеит урыстәылатәи ар ирхысны Херсонтәи аобласт Брускинское араион иалаларц", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭара.
Аӷа ижәылара аанкылан, артиллериа амцаԥшь ала украинатәи аруаа еимырбӷьыжәааны рышьҭахьҟа иԥхьацан.
"Уахыки-ҽнаки рыла абри ахырхарҭаҿы иҭархоуп 90-ҩык аруаа, танкк, акәылӡмашьынақәа ааба, 21 автомобиль", – рҳәеит аусбарҭаҿы.
Арратә аоперациа иалагазар ааха рыҭоуп: 323 ҳаирплан, 161 вертолиот, 2266 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 381зенит-ракетатә комплекс, 5876 атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи, 871 ареактив-систематә машьынақәа, 3485 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа, 6635 ак аибашьыга автомобилтә техника.