Уажәааны аԥхынтәи ашоура бааԥсы еиқәтәоит, аха амра хааӡа иԥхоит, аҳауаԥхарра ҟәымшәышәуп, аӡәырҩы амшын аҟны рҽыркәабоит.
Аԥсны акадифаамҭа аҩбатәи аԥхын ҳәа ишьоуп. Ҭагалан аԥсабара ԥшӡоуп, ԥшшәы рацәала еилаԥсоуп.
Атуристцәа уажәааны ҳтәыла аҭаара бзиа ирбоит, анхарҭатә ҭыԥқәагьы рыхәқәа маҷ-маҷ иладырҟәуеит.
Аҳауагәаҭыҩцәа рдыррақәа рыла, жьҭаара 20 рынахыс аҳауаԥхарра лаҟәуеит.
Аԥсны акадифаамҭа шымҩаԥсыуа Sputnik афотоҭыхымҭақәа рҟны.