Асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла "Х-напы" аԥҵан 2021 шықәсазы. Аидгыла ахантәаҩы Ҭемыр Ӡиӡариа иазгәеиҭеит ацәыргақәҵахь инагоу аусумҭақәа ашықәс аҩнуҵҟа иаԥҵаз шракәу, иҳәеит акомиссиа алахәылацәа ишалыркаауа усумҭак-усумҭак. Урҭ нас Аидгыла афонд иаланы еиуеиԥшым ацәыргарақәа ишрылахәхо, иара убас Аԥсны анҭыҵгьы.
"Ари ацәыргақәҵаҿ ихадараны иҟоу амаҭәар рацәа ахьаарԥшу ауп – аихақәа, аҳәақәа, алабашьақәа, аҳәызбақәа, аибашьыгатәқәа реиԥш ашәарыцагатә, акҿаҩратә ҟазшьа змоу. Ҳара аиха аус анадаҳуыло абџьар ззырхоу ҳазхәыцӡом. Ихадоу ишыҟаҵо ауп", - иҳәеит Ҭемыр Ӡиӡариа.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла рыҳасабырбатә цәыргақәҵа аартызаауеит жьҭаара 21 нӡа.