АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева Sputnik иазеиҭалҳәеит аимҳәазы алаҵа зыҟаҵатәу.
"Аимҳәа чымазара ӷәӷәаны ишыҟац иҟоуп. Аиҳарак алаҽ чымазарақәа змоу роуп ишьҭызкаауа. Акоронавирустә инфекциаан ахәыҷқәа ачымазара марианы ирхыргозар, аимҳәа рцәыхьанҭоуп. Ԥшь-еилазаарак рыла ишьақәгылоу алаҵа бзиа ҳамоуп. Алаҵаҟаҵараз аамҭагь маншәалоуп, макьаназ авирус дәықәымлацт", - лҳәеит Белиаева.
Алаҵа "Ваксигрипп Тетра" Аԥсны ахәшәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада аҟаҵара алшоит. Ареспубликахь иаагоуп 3000 лаҵа. Иаҭаххар иҵегьы аагахоит.
Алаҵаҟаҵара хацдыркит жьҭаара 17 рзы.
"Ваксигрипп Тетра" – аимҳәа хызҽуа лаҵоуп, франциатәи аҭыжьымҭа Sanofi Pasteur S. A. иатәуп. 1969 шықәса раахыс иҭрыжьуеит, Урыстәыла рхы иадырхәоит 1992 раахыс.