https://sputnik-abkhazia.info/20221020/asanepidmazura-aiaby-ileit-aima-chymazarazy-alaa-zkhyaatu-1042135468.html
Асанепидмаҵзура аиҳабы илҳәеит аимҳәа чымазаразы алаҵа зхыҟаҵатәу
Асанепидмаҵзура аиҳабы илҳәеит аимҳәа чымазаразы алаҵа зхыҟаҵатәу
Sputnik Аҧсны
Алаҵа "Ваксигрипп Тетра" Аԥсны ахәшәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада аҟаҵара алшоит. Ареспубликахь иаагоуп 3000 лаҵа. 20.10.2022, Sputnik Аҧсны
2022-10-20T14:17+0300
2022-10-20T14:17+0300
2022-10-20T14:17+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0c/07/1031416724_0:276:3044:1988_1920x0_80_0_0_86347a9e289e3e3cf591759cd17ec1e6.jpg
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева Sputnik иазеиҭалҳәеит аимҳәазы алаҵа зыҟаҵатәу."Аимҳәа чымазара ӷәӷәаны ишыҟац иҟоуп. Аиҳарак алаҽ чымазарақәа змоу роуп ишьҭызкаауа. Акоронавирустә инфекциаан ахәыҷқәа ачымазара марианы ирхыргозар, аимҳәа рцәыхьанҭоуп. Ԥшь-еилазаарак рыла ишьақәгылоу алаҵа бзиа ҳамоуп. Алаҵаҟаҵараз аамҭагь маншәалоуп, макьаназ авирус дәықәымлацт", - лҳәеит Белиаева.Алаҵа "Ваксигрипп Тетра" Аԥсны ахәшәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада аҟаҵара алшоит. Ареспубликахь иаагоуп 3000 лаҵа. Иаҭаххар иҵегьы аагахоит.Алаҵаҟаҵара хацдыркит жьҭаара 17 рзы."Ваксигрипп Тетра" – аимҳәа хызҽуа лаҵоуп, франциатәи аҭыжьымҭа Sanofi Pasteur S. A. иатәуп. 1969 шықәса раахыс иҭрыжьуеит, Урыстәыла рхы иадырхәоит 1992 раахыс.
https://sputnik-abkhazia.info/20221020/alla-beliaeva-covid-19-iaaubart-isykho-ialageit-1042136799.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0c/07/1031416724_313:0:3044:2048_1920x0_80_0_0_5c86a6bba87dac8f39c425b6eba33411.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Асанепидмаҵзура аиҳабы илҳәеит аимҳәа чымазаразы алаҵа зхыҟаҵатәу
Алаҵа "Ваксигрипп Тетра" Аԥсны ахәшәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада аҟаҵара алшоит. Ареспубликахь иаагоуп 3000 лаҵа.
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева Sputnik иазеиҭалҳәеит аимҳәазы алаҵа зыҟаҵатәу.
"Аимҳәа чымазара ӷәӷәаны ишыҟац иҟоуп. Аиҳарак алаҽ чымазарақәа змоу роуп ишьҭызкаауа. Акоронавирустә инфекциаан ахәыҷқәа ачымазара марианы ирхыргозар, аимҳәа рцәыхьанҭоуп. Ԥшь-еилазаарак рыла ишьақәгылоу алаҵа бзиа ҳамоуп. Алаҵаҟаҵараз аамҭагь маншәалоуп, макьаназ авирус дәықәымлацт", - лҳәеит Белиаева.
Алаҵа "Ваксигрипп Тетра" Аԥсны ахәшәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада аҟаҵара алшоит. Ареспубликахь иаагоуп 3000 лаҵа. Иаҭаххар иҵегьы аагахоит.
Алаҵаҟаҵара хацдыркит жьҭаара 17 рзы.
"Ваксигрипп Тетра" – аимҳәа хызҽуа лаҵоуп, франциатәи аҭыжьымҭа Sanofi Pasteur S. A. иатәуп. 1969 шықәса раахыс иҭрыжьуеит, Урыстәыла рхы иадырхәоит 1992 раахыс.