Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Херсонтәи аобласт аҿы украинатәи аҳаирплан карыжьит

Херсонтәи аобласт, ДЖәР, ЛЖәР рыҟны, уахыки-ҽнаки рыла ПВО асистемақәа рыла украинатәи адронқәа 12 карыжьит .
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Херсонтәи аобласт Трифоновка ааигәара аҳаирплан Су-25 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

"Иара убасгьы еиԥырҟьоуп аицҭҟьаратә реактивтә системақәа "HIMARS", "Ольха" рыхгәыцәқәа 11, арадиолакациаҿагыларатә ракетақәа "HARM" 8 Херсонтәи аобласт Каховка ааигәара", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Купиантәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи ар ааха рырҭеит УАМ 14-тәи, 92-тәи абригадақәа. Иҭархоуп 40-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, апикапқәа хԥа. Красно-Лиманскотәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп аӷа аӡиас Жеребец иӡхыҵра, иҭархоуп 30-ҩык аруаа, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа ҩба.
Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы аракетақәа рыла ааха рыҭан 60-тәи аршьаҟатәи 35-тәи амшыншьаҟатәи абригадақәа, иара убасгьы "Иностранный легион" аибашьцәа.
Уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 120-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа 8, автомашьынақәа 12. Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатәи артиллериатәи ар ааха рырҭеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа быжьба, 64 артиллериатә ҟәша, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа.
Харковтәи аобласт Купиански Одессатәи аобласт Новоелизаветовкеи рҿы ааха рыҭоуп азенит-ракетатә комплекс С-300 аҭырҟьаратә шьақәгылақәа ҩба. Иара убасгьы ааха рыҭан артиллериатә батареиақәа 2, ареактивтә система "Ураган" ашьақәгылақәа 2. УАМ аротақәа ҩба иаԥшьыргеит Каховтәи аӡеизакырҭа армарахьтәи аҟәарала адесант рыӡхыгара, Запорожиетәи АЕС анапахьы аагаразы. Адесант ҭархан. Адырра ҟаҵоуп астанциаҿы ԥсыҭбара ыҟам, арадиациатә ҭагылазаашьа нормоуп ҳәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи амчрақәа Херсонтәи аобласт аҿы Киев имҩаԥнагаз ажәылара аԥдырҟәҟәааит